Аԥснытәи ахәыҷра анавигатор
Аҧсны Аҳәынҭқарра азеиҧш ҵараиурҭақәа рҿы арҵаратә усура аҩаӡара ашьҭыхра иазку азыҟаҵарақәа рзы, акандидатцәа рыҧшаареи ралкаареи ирызку аицлабра
Аԥснытәи ахәыҷра анавигатор
Аҧсны Аҳәынҭқарра азеиҧш ҵараиурҭақәа рҿы арҵаратә усура аҩаӡара ашьҭыхра иазку азыҟаҵарақәа рзы, акандидатцәа рыҧшаареи ралкаареи ирызку аицлабра
Аконкурс азы
Аконкурс азы
Аконкурс еиҿыркаауеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҵара Аминистрреи Урыстәыла Афедерациа Аҵара Аминистрреи, иааидкыланы хьӡыс ирымоуп Аиҿкааҩцәа ҳәа.
Аконкурс атехникатәоператорс иамоуп афедералтә ҳәынҭқарратә биуџьеттә усбарҭа «Урыстәылатәи ахәыҷтәи - ақәыԥшттәи центр».

Аконкурс ақәкы: аконкурс ашьаҭала акандидатцәа ралҧшаареи ралхреи, Аҧсны Аҳәынҭқарра азеиԥшҵараиурҭатә усбарҭақәа рҟны ааӡара аҩаӡара ашьҭыхра алыршара қәкыс иҟаҵаны, аҵара рахыжьразы.

Аконкурс аҳасабтәқәа:
- аҵара асфераҿы асоциалтә ҵакы змоу апроектқәа рахь ауаажәларра разҿлымҳара аҟаҵара, аҵара асистемаҿы иҟоу аресурсқәеи аихьӡарақәеи рцәыргара;
- Аҧсны Аҳәынҭқарра азеиԥшҵараиурҭатә усбарҭақәа рҿы ааӡара апотенциал ашьҭыхра ацхыраара;
- атрадициатә ааӡара азҵаарақәа рҿы аинновациатә ԥышәеи, апедагогикатәи асоциокультуратәи усхкқәа рҿы иреиӷьӡоу апрактикақәа рыԥшаареи раларҵәареи, иара убасгьы аҵаҩцәа традициала рааӡараҿы иҿыцу аԥсихолого - педагогикатә методқәеи атехнологиақәеи.

Еиҳаны еилышәкаарц азы акарточкақәа шәрықәыӷәӷәаны иаарттәуп

Аконкурс алахәхаразы алшара змада?
Аконкурс алахәхаразы ааԥхьара рыҭахоит зхатә бызшәа бзианы издыруа азеиԥшҵараиурҭа анапхгаҩы мамзаргьы абжьаратәи азанааҭ ҵараиурҭа анпхагаҩы иҟынтә иҩу арекомендациа змоу, атәылауаҩы аҵара ахьиҵо ма иахьиҵоз зырҵабыргуа мамзаргьы анаҩстәи аҭахрақәра руак шьақәзырӷәӷәо ма Аԥснытәи арекомендациа Аԥснытәи азеиԥшҵараиурҭатә усбарҭа анапхгаҩы, аҳәынҭқарра напхгараҭаразы аҭыԥантәи аорган анпхгаҩы иҟынтә:

– иреиҳаӡо аҵара рымазароуп,  ирҭбаау агәыԥқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны, иреиҳаӡоу аҵарадырра «Аҵарадырреи апедагогикатә наукақәеи рхырхарҭала аҽазыҟаҵаразы»;
– иреиҳаӡоу  апрофесионалтә ҵара амазаара;
– абжьаратә профессионалтә ҵара рымазароуп, ирҭбаау азанааҭтә гәыԥқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны   «Аҵарадырреи апедагогикатә наукақәеи» рхырхарҭала, иара убас ихарҭәаау апрофесионалтә ҵарадырра азеиԥшҵараиурҭатә усбарҭаҿы апрфессионалтә усмҩаԥгатәқәа рынагӡара ахырхарҭала;
– қәҿиарала агәҭабжьаратәи аттестатициа ахысра иреиҳаӡоу аҵара аиуразы арҵаратә программала ҩышықәса (2) иреҵамкәа аҵара , ирҭбаау агәыԥқәа «Аҵарадырреи апедагогикатә наукақәеи» иреиҳаӡоу аҵарадырра ахырхарҭала;
– «Апедагогикатә ҵара» ахырхарҭала азыҟаҵаразы иреиҳаӡоу  аҵара амазаара:
– Арҵаратә усбарҭақәа рҟны апрофессионалтә уснагӡатәқәа рымҩаԥгаразы иреиҳаӡоу аҵареи ихарҭәаау апрофессионалтә ҵареи амазаара;
– «Арҵаҩратә рҵара» азыҟаҵара ахырхарҭала қәҿиарала агәҭабжьаратәи аттестациа ахысра ҩышықәса иреиҵамкәа.
Аконкурс аетапқәа
Есымза, арыцхә 18-нӡа (иналаԥхьаӡаны)
Аконкрс асаит акуни, аконкурс аҽалақәарқьыразы арзаалкуа алаҵәҭауп.

Есымза, арыцхә 22-нӡа (иналаԥхьаӡаны)
Раԥхьатәи аконкурстә ԥышәара «Апрофессионалтә компетенциа ахәшьара аҭара» (онлаин аформат ала атестқәа рхарҭәаара).

Есымза, арыцхә 27 иахмырԥакәа (иналаԥхьаӡаны)
Аҩбатәи аконкурстә ԥышәара «Апедагогикатә ҭагылазаашьак аӡбара» (латәаратәи аԥышәара) имҩаԥгахоит Аԥсны, қәҽиарала атестқәа зтииз алахәылацәа рыбжьара мышқәак руак аан.

Амза аҵыхәтәантәи арыцхә
Аконкурс алҵшәақәа реихшьалара. Аконкурс  аҟны аиааира згаз рсиа акьыԥхь арбара.

Аицлабраҿы иаиааиз деилкаахоит Аԥсны Аҵара аминистрреи аицлабра асаити рҟны асиа ианыло ахьӡқәа рылаҳәарала, амза аҵыхәтәантәи арыцхә аҽны.
Инарҭбааны аконкурстә ԥышәарақәа рзы
Раԥхьатәи аконкурстә ԥышәара « Апрофессионалтә компетенциақәа хәшьара рыҭара».

Аԥышәара мҩаԥысуеит онлаин аформат ала, атестқәа рхарҭәаарала.
Онлаин – тест ахысразы азԥхьарԥш шьҭызаауеит алахәыла иелектронтә почтахь, аконкурс аҽалархәразы  иҽанаҭиҩуаз иаирбаз  ала. Атест ахысра алыршахоит ииуль 21, 23.59 (москватәи аамҭала) август 18, 2025ш.
Атест шьақәгылоуп 50 (ҩынҩыжәижәаба) зҵаара рыла, алахәыла икомпетентра агәаҭаразы, абарҭ ахырхарҭақәа рыла:

– апедагогика  асфераҟны азанааҭтә компетентра;
– апсихологиа асфераҟны азанааҭтә компетентра;
– ахәыҷтәи аҿартә- уаажәларратә хеидкылақәеи русура аиҿкаара асфераҟны азанааҭтә компетентра.

Ииашоу ҭакцыԥхьаӡазы алахәыла иоуеит 1 (балк).

Аҩбатәи аконкурстә ԥышәарахьы инашьҭызаауеит 35 балл иреиҵамкәа изауз алахәылацәа.

Второе конкурсное испытание «Решение педагогической ситуации»

Август 20, 2025ш иахымгакәа, актәи аконкурстә ԥышәара «Апрофессионалтә кометенциақәа ахәшьара рыҭара» аҟны 35 балл еиҵамкәа изауз алахәылацәа ираҳәахоит аҩбатәи аконкурстә ԥышәара ахьымҩаԥгахо аҭыԥи аамҭеи.
Аҩбатәи аконкурстә ԥышәара мҩаԥысуеи мышкы иалагӡаны ҩ- етапкны(2)
– апедагогикатә ҭагылазаашьак гәыԥла аӡбара;
– Аконкурс аекспертцәа рызҵаарақәа индивидуалла рҭак аҟаҵара;
– аԥсуа безшәеи алитературеи шырдыруа аилкааразы аиҿцәажәара.

Аҩбатәи акункурстә ԥышәара ахысра алҵшәақәа ахәшьара рыҭара мҩаԥысуеит анаҩстәи акритериақәа инарықәыршәаны
– апедагогикатә ҭагылазаашьак раан алҵшәа змру аӡбашьа алыршара (0 инаркны 8 балк рҟынӡа);
– командак аҟны аусушьа (адырра 0 инаркны 10 баллк рҟынӡа;
– агәыԥ аҟны аусураан акаммуникациатә культура;
– азанааҭтә – падгогикатә компетенциа (0 инаркны 12 балл рҟынӡа);
– аԥсуа бызшәеи алитературеи рдырра (0 инаркны 10баллк рҟынӡа).

Аконкурс аҟны аиааира згаз ҳәа иԥхьаӡахоит ҩ – конкурс ԥышәарак рылаҵшәақәа рыла 55 ҩынҩыжәи жәохә балл иреиҵамкәа изауз.
Ироуазеи аиааира згаз?
– Аконкурс – «Аԥсны Ахәыҷра анавигаторцәа»  аҟны аиааира згаз идиплом;
– Арҵаратә платформа ФГБУ «Ростецентр» аҟны апрофессионалтә программала аквалификациа аҳаракразы хәыдаԥсадатәи аҵаразы азин;
– Аԥсны арҵаратә усбарҭақәа рҟны ааӡара ус аҟны аквалификациа змоу аспециалистцәа рсиа алалара.
Азҵаара – аҭак
Изусҭцәада «Арҵаҩцәа-амҩақәҵаҩцәа»?
– Арҭ арҵаҩцәа иааиԥмарҟьаӡакәа рхы аус адырулоит, аҵаҩцәа рыгәҭыларкуеит, ирарҳәо раҳауеит , ирдыруеит ринтересқәа , имшәаӡакәа имариоу аҳасабтәқәа рҳәаақәа ирҭыҵуеит.
– Арҭ – иҟәыӷоу, иразу,рҵаҩцәа рҟыбаҩ агәраго, рхықәкқәа рынагӡаразы ашәқәа рзаазыртуа напхгаҩцәоуп.
– Арҭ, рышкол аҟны аҵара зҵо ахәыҷқәа, урҭ рҭаацәа, рырҵаҩцәа, рышкол арҵаратә ҭагылазаашьа аиӷьтәрахь зусура рхоу спеиалистцәоуп.
Аконтактқәа (Аимадара)
Аԥсны аҵара аминистрра ауаажәларра рыҽрымадаразы аҟәша:
Аԥсны, ақ. Аҟәа, Ажәанба имҩаду 9
Аҭелтә: +7 (840) 229-44-09
E-mail: minobr-ra@yandex.ru
Аконкурс аҽалархәразы амаршрут
Аконкурс алахәра иазку аҭагылазаашьа ҭҵаа.
Аҭагылазаашьа
Ухаҭаратә дыррақәа аус рыдуларазы Ақәшаҳаҭра харҭәаара.
Ақәшаҳаҭра
Амза арыцхә 18-нӡа асаит аҟны аҽалархәразы арзаҳал ахарҭәаара.
Аформа ахарҭәаара
Аконкурс уҽазыҟаҵа, аметодикатә материалқәа ухы иархәаны. Уелектронтә почтаҟны уазыԥшыз ааԥхьара.
Аметодикатә материал
Ахәбатәи ашьаҿа
Есымза амза арыцхә 22 рзы, 23.59 сааҭ (Москватәи аамҭала) рзы онлаин-формат ала уахыс раԥхьатәи аицлабратә ԥышәара "Азанааҭтә компетенциақәа ахәшьара рыҭара".
Афбатәи ашьаҿа
Раԥхьатәи аицлабратә ԥышәараҟны 35 балл еиҵамкәа иуоузар, амза арыцхә 27 иахмырԥакәа, ааԥхьара урҭоит аҩбатәи аицлабратә ԥышәара ахалархәразы.
Абыжьбатәи ашьаҿа
Амза аҵыхәтәантәи арыцхә азы Аԥсны Аҵара аминистрреи Аицлабра асаити рҟны аиааира згаз рыхьӡ анылара уазыԥшы.
Аабатәи ашьаҿа
Аконкурс аҿы аиааира угазар, иаԥхьагылоу аҵаратә программа хыркәшатәуп.

Аконкурс аҽалархәразы арзаҳал алаҵара
Аконкурс аҽалархәразы арзаҳал алаҵара
Made on
Tilda